shadow

ҲАЖӘЛАР, ШӘХАЦКЫ!

Иахьа Ҳаҧсадгьыл аҿы аимак-аиҿак ахылҿиааит Жәлар Реизараҟны изхәаԥшраны иҟоу Аԥсны мрагыларатәи араионқәа иахьрыҵаркуа апартаментқәа рыргылара зинызтәуа азакәан.

Аԥсны Жәлар Реизара иаднакыло иарбан закәанзаалакгьы, иҵаулаӡоу аекспертиза иахыжьлатәуп, аԥсуаа ҳмилаҭтә интересқәеи ҳшәарҭадареи иахьынӡарықәшәо ашьақәыргыларазы.

Гәыҩбарак ҳазҭо, ҳхьыԥшымра иацрасуа, ҳдемографиатә ҭагылазаашьа еицәазтәыр зылшо азакәан, адкылара акәым, алацәажәарагьы ҳхақәиҭра зхы ақәызҵаз, иҳавыршьааз ҳашьцәа рҿаԥхьа гәнаҳароуп, чарҳәароуп.

Жәлар реизара адепутатцәа шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аԥсуаа ҳмилаҭтә интересқәа ирықәымшәо азакәан мап ацәышәкырц. Уимоу, аринахысгьы асеиҧш аҧсуа милаҭ аҟазаареи аҟамзаареи рхықә ихықәзыргыло азакәан алацәажәара аҽамырҿыцырц азы аморатори ақәышәҵарц.

Аԥсны Афырхацәа:

  1. Абаев Аслан Владимир-иԥа
  2. Агрба Мурман Царбеи-иԥа
  3. Аиба Џьамал Владимир-иԥа
  4. Аракелиан Артур Рафаел-иԥа
  5. Арӡынба Леонид Басиаҭ-иԥа
  6. Аршба Марина Калодиа-иԥҳа
  7. Алшәындба Рудольф Гьаргь-иԥа
  8. Алшәындба Руслан Виктор-иԥа
  9. Ашба Вианор Григори-иԥа
  10. Барцыц Инна Васико-иԥҳа
  11. Беиа Мзиа Ҷыҷыкәа-иԥҳа
  12. Воуба Адгур Валериан-иԥа
  13. Габниа Владислав Леонти-иԥа
  14. Гәынба Наварбеи Қьаамын-иԥа
  15. Гәыргәлиа Даур Алмасхан-иԥа
  16. Ӷәынџьиа Аветик (Вадим) Иуан-иԥа
  17. Ӷәынџьиа Пантик Сергеи-иԥа
  18. Ӷәынџьиа Раиса Иуан-иԥҳа
  19. Завиалова Ирина Владимир-иԥҳа
  20. Занҭариа Ҭемыр Ақсент-иԥа
  21. Зарданиа Руслан Дек-иԥа
  22. Ӡлаииа Адгур Валикәа-иԥа
  23. Инаҧшь Гурам Симион-иԥа
  24. Кобахьиа Аслан Алықьса-иԥа
  25. Кобахьиа Батал Самсон-иԥа
  26. Кәыҵниа Беслан Ԥоча-иԥа
  27. Кьикориа Беслан Даҭикәа-иԥа
  28. Қриа Рауль Ԥчониа-иԥа
  29. Қәычбериа Славик Лаврент-иԥа
  30. Кьылба Муҳаммед Сиҭбеи-иԥа
  31. Ладариа Руслан Михаил-иԥа
  32. Лакәиа Баҭал Шьоҭа-иԥа
  33. Лашәриа Кама Нури-иԥҳа
  34. Маан Геннади Мас-иԥа
  35. Миқаа Леуан Гиви-иԥа
  36. Мирзоев Асланбек Сулҭан-иԥа
  37. Оҭырба Адамыр (Адик) Михаил-иԥа
  38. Папаа Зураб Мурман-иԥа
  39. Папба Хьырбеи Ҷыҷыкәа-иԥа
  40. Ԥачлиа Рудик Гәылико-иԥа
  41. Саманба Гарри Харитон-иԥа
  42. Саманба Заур Кондрат-иԥа
  43. Смыр Рауль (Алик) Қьаазым-иԥа
  44. Ҭарба Артур Шутиа-иԥа
  45. Узуниан Аршак Гәыргьен-иԥа
  46. Харабуа Руслан Заабеи-иԥа
  47. Ҳагба Валери Езыгә-иԥа
  48. Ҳагба Гурам Алықьса-иԥа
  49. Ҳаџьым Зураб Хәыхәыт-иԥа
  50. Чалмаз Мирон Михаил-иԥа
  51. Шьоууа Гурам Нури-иԥа
  52. Шьынқәба Апполон Есҭаҭ-иԥа
  53. Џьапуа Роман Шьалодиа-иԥа
  54. Џьапуа Ҭали Шьаликәа-иԥҳа
  55. Џьелиа Руслан Севериан-иԥа
  56. Џьниа Игорь Шьақьыр-иԥа
  57. Џьынџьал Аслан Сократ-иԥа
  58. Ҩардан Асҭамыр Хәыра-иԥа
  59. Субелиани Иарослав Бадзу-иԥа

22.07.2024 ш

Ҳгәаанагара ҳацеиҩызшо Аԥсны Афырхацәа шәзын асиа аартуп

Автор